Хавиер Коломина - Нато Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаареи рыдгылоит, Урыстәыла ахь ааԥхьара ҟанаҵоит Қырҭтәылантә арратә хәҭақәа ралгара аӡбара аднакыларц
Хавиер Коломина - Нато Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаареи рыдгылоит, Урыстәыла ахь ааԥхьара ҟанаҵоит Қырҭтәылантә арратә хәҭақәа ралгара аӡбара аднакыларц

Кавкази Ацентртә Азиеи рҿы НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада ихаҭарнак ҷыда Хавиер Коломина “Твиттер” аҿы нанҳәатәи аибашьра инамаданы аҳәамҭа ҟаиҵеит.

„Мадридтәи асамит аҿы ишышьақәырӷәӷәаз, Нато Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаареи рыдгылоит, Урыстәыла ахь еиҭах ааԥхьара ҟанаҵоит жәларбжьаратәи ахыдҵақәа нагӡаны, Қырҭтәылантә арратә хәҭақәа ралгара аӡбара аднакыларц“, – иҩит Коломина.