Хатиа Деканоиӡе – Кристиан Даниельсон визит иалҵшәаны «Ақырҭуа гәахәтәы» Қырҭтәыла атәылауааи Евроеидгылеи рахь ашьаҿа ҟанаҵоит ҳәа ҳгәыӷуеит
Хатиа Деканоиӡе – Кристиан Даниельсон визит иалҵшәаны «Ақырҭуа гәахәтәы» Қырҭтәыла атәылауааи Евроеидгылеи рахь ашьаҿа ҟанаҵоит ҳәа ҳгәыӷуеит

Кристиан Даниельсон визит иалҵшәаны «Ақырҭуа гәахәтәы» Қырҭтәыла атәылауааи Евроеидгылеи рахь ашьаҿа ҟанаҵоит ҳәа ҳгәыӷуеит, – илҳәеит «Амилаҭтә ҵысра» алахәыла Хатиа Деканоиӡе

«Ари аҵак ду амоуп, ҳара ҳзы ари амч анапаҿы аагара аформула мацараӡам, ҳара Қырҭтәыла аԥеиԥш ҳазхәыцуеит, атәылаҿ аполиаризациа ихыркәшароуп. Атәылаҿ аполитикатә баандаҩцәи аполитикатә ахҵәацәеи уаҳа ҳамамзароуп, изаамҭаным алхрақәа Қырҭтәыла атәылауаа апарламнт ахь иалырхуа, дара рхала ирҭаху аадырԥшыроуп,» – илҳәеит Хатиа Деканоиӡе.

Иҟоу адыррақәа рыла, Европатәи ахеилак ахада ихаҭарнак ҷыда Кристиан Даниельсон Қырҭтәыла иаха даҭаауеит.