Хатиа Деканоиӡе - Анапхгара азҵаара ирзықәсыргылоит Урыстәылаҟны маӡалатәи аиқәшаҳаҭрақәеи аиҿцәажәарақәеи ишәбжьашәҵаз иарбақәан
Хатиа Деканоиӡе - Анапхгара азҵаара ирзықәсыргылоит Урыстәылаҟны маӡалатәи аиқәшаҳаҭрақәеи аиҿцәажәарақәеи ишәбжьашәҵаз иарбақәан

Аҵыхәтәантәи хҭысқәа иызԥхьагәаҭаны иубарҭоуп Қырҭтәылеи Урыстәылеи активтә маӡалатәи акоммуникациа шрыбжьоу, – илҳәеит аоппозициаа рдепутат Хатиа Деканоиӡе.

Деканоиӡе лажәақәа рыла, аԥыррақәа реиҭашьақәыргылара, амшынтә аидарақәа риагаразы Урыстәылаҟны маршрут ҿыцқәа рышьақәыргылара, Лавров иҭаацәара алахәылацәа раара, асанкциақәа зқәу ахаҿқәа рҭаара Қырҭтәыла анапхгара рҟны акоординациа ада алшахомызт.

Деканоиӡе ишаалыцҳаз, бжьҩык адепутатцәа Қырҭтәыла анапхгареи анагӡаратә органқәеи зегь азҵаара рзықәдыргылоит арҭ аконституциа иаҿагыло афактқәа рзы аҭакԥхықәра змоу дызусҭада ҳәа.