Хаҭиа Деканоиӡе  - Зеленски Қырҭтәыла Беларус иаҿаимырҧшит, иара ашәарҭадароуп дызлацәажәоз, Қырҭтәылагьы ампыҵахалара иҟоуп ҳәа иҳәеит, НАТО  - аҭынчра ҳзаанагоит ҳәа иҳәеит
Хаҭиа Деканоиӡе  - Зеленски Қырҭтәыла Беларус иаҿаимырҧшит, иара ашәарҭадароуп дызлацәажәоз, Қырҭтәылагьы ампыҵахалара иҟоуп ҳәа иҳәеит, НАТО  - аҭынчра ҳзаанагоит ҳәа иҳәеит

Аоппозициатә депутат  Хаҭиа Деканоиӡе асоциалтә аҳаҿы Украина ахада Владимир Зеленски иҳәамҭа иадҳәаланы аилыркаарақәа ҟалҵеит. Лара ишылҩыз ала, Зеленски Қырҭтәыла Беларус иаҿаимырҧшит.

«Зеденски иҳәеит – НАТО аилазаараҿы аҭынчра, ма аурыс ампыҵахалара. Иара Қырҭтәыла Беларус иаҿаимырҧшит. Қырҭтәылагьы импыҵахалоуп ҳәа иҳәеит. Убри аҟынтә, ари атәыла НАТО иалазароуп ҳәа иҳәеит.  НАТО  – аҭынчра ҳзаанагоит  ҳәа иҳәеит. Иара иажәақәа ииашамкәа ирыхцәажәоит», — илҩит  Хаҭиа  Деканоиӡе.

Молдова имҩаҧысуа Европатәи аполитикатә еидгыла аҩбатәи асаммит аартра ацеремониаҿ Украина ахада Владимир Зеленски иҳәеит: «Беларуси Қырҭтәылеи имҩаҧысуа ахҭысқәа аабоит,  абарҭ аҩ-тәылак еиуеиҧшым ахархәагақәа рыла аилаҩынтәранӡа ишнарго аабоит, аха, дара ирбои? Украина Евроеидгылеи НАТОи рахь алаларазы аконкреттә иҵоуроу аҭак шамоуз рбоит».