Хаҭиа  Деканоиӡе  - Аимпичмент аҵыхәанӡа инаргоит ҳәа сгәы иаанагом, избанзар, анапхгаратә гәыҧ ибзианы ирдыруеит уи азы иаҭаху  100 абжьқәа шрымам, уи авантиуроуп
Хаҭиа  Деканоиӡе  - Аимпичмент аҵыхәанӡа инаргоит ҳәа сгәы иаанагом, избанзар, анапхгаратә гәыҧ ибзианы ирдыруеит уи азы иаҭаху  100 абжьқәа шрымам, уи авантиуроуп

«Аимпичмент аҵыхәанӡа инаргоит ҳәа сгәы иаанагом, избанзар, анапхгаратә гәыҧ ибзианы ирдыруеит уи азы иаҭаху  100 абжьқәа шрымам, уи авантиуроуп, изакәызаалак процесск амҩаҧгаразы излагаз процессуп», — илҳәеит аоппозициатә депутат Хаҭиа Деканоиӡе.

Лара лажәақәа рыла, аимпичмент азҵаара ианааигәахалак, жәларбжьаратәи партниорцәа Саломе Зурабишвили илыдҳәаланы аҳәамҭақәа ҟарҵоит,  анеҩс, уи иаҭакны,  «Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәа мраҭашәара иаҿагыланы  аҳәамҭақәа ҟарҵоит.

«Абри зегьы хықәкыс иамоуп аинформациатә аилаҩынтәра аҧҵареи хшыҩзышьҭра аиагареи. Уи арадикализациеи аполиаризациеи ахылҵуеит. Аимпичмент азҵаара ианааигәахалак, жәларбжьаратәи партниорцәа Саломе Зурабишвили илыдҳәаланы аҳәамҭақәа ҟарҵоит,  анеҩс, уи иаҭакны,  «Ақырҭуа гәахәтәы» ахаҭарнакцәа мраҭашәара иаҿагыланы аҳәамҭақәа ҟарҵоит.  Аимпичмент апроцедура Биӡина Иванишвили иҭаххарала иалагеит ҳәа сгәы иаанагоит,  избанзар, иара ари азҵаара аҳәынҭқарратә позициала акәымкәа, хаҭалатәи апозициала дазныҟәоит, Саломе Зурабишвили Украина дадгыланы иҟалҵо аҳәамҭақәа рзы дахьирхәыр иҭахуп», — илҳәеит  Деканоиӡе.