Урыстәылатәи мчқәа Херсон агәҭа абомбақәа ақәрыжьит, ажәыла амшала аԥхасҭа аиуит амедицинатә усҳәарҭа,ҳақьымк дҭахеит, амедаиаҳәшьа ахәрақәа лоуит.
Ари атәы ааицҳаит арратә ақалақьтә администрациа аиҳабы Роман Мрочко.
“Ажәылара мҩаԥган амедицинатә усҳәарҭа аганахьала. Аҳақьым қәыԥш дҭахеит, амедаиаҳәшьа ахәрақәа лоуит, лыԥсҭазаара аиқәырхара аҳақьымцәа азықәԥоит”, – иҳәеит Мрочко.
Апрокуратура аинформациа ала, уажәы агрессор тәыла ар иҟанаҵаз ацәгьоурақәа рҭаҩразы иаҭаху раԥхьаӡатәи ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит.