Урыстәылатәи мчқәа Одесса аҭоурыхтә центр абомбақәа рыларыжьит, ҩыџьа атәылауаа ахәрақәа роуит
Урыстәылатәи мчқәа Одесса аҭоурыхтә центр абомбақәа рыларыжьит.
Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз ала, ҩыџьа атәылауаа ахәрақәа роуит.
Аракетатә жәылараан аԥхасҭа аиуит асасааирҭа “Бристоль”, ари асасааирҭа Одесаа ижәытәӡатәиу ахыбрақәа иреиуп.
Одесса ахада Геннади Труханов иҟаиҵаз аҳәамҭала, UNESCO ахылаԥшра аҵаҟа иҟоу аҵакырадгьыл аԥхасҭа ду аиуит.
Ари ажәылара дақәҿиҭит Украина ахада Володимир Зеленски. Зеленски иажәақәа рыла, заанаҵтәи адыррақәа рыла, ажәылара абаллистикатә ракетақәа рыла мҩаԥган.