Урыстәылатәи авиаеилахәыра «Азимут» Урыстәыла ала импыҵахалоу Қырҭтәыла арегионқәа Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи асиа ианырхит
Урыстәылатәи авиаеилахәыра «Азимут» Урыстәыла ала импыҵахалоу Қырҭтәыла арегионқәа Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи асиа ианырхит

Қырҭтәылеи Урыстәылеи рыбжьара ишиашоу авиареисқәа рымҩаҧгара алагара згәы иҭоу урыстәылатәи авиаеилахәыра  «Азимут», Урыстәыла ала импыҵахалоу Қырҭтәыла арегионқәа Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи асаитаҿ иарбру аҳәынҭқәррақәа рсиа ианырхит.

Уаанӡа асоциалтә аҳақәа рҿы аларҵәара змаз  «аскринқәа» рҿы иубарҭан урыстәылатәи авиаеилахәыра  ахатә саитаҿ Қырҭтәыла импыҵахалоу арегионқәа  аҳәынҭқаррақәа рсиа ишанырҵаз, аха,  Қырҭтәылеи Урыстәылеи рыбжьара ишиашо авиареисқәа реиҭашьақәыргылара ашьҭахь,  Аҧсни Аахыҵ Уаҧстәылеи аҳәынҭқаррақәа рсиа ианырхит.

Авиаеилахәыра аофициалтә саитаҿ Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа аҧшаара аграфаҿы иарбам. Авиаеилахәыра  «Азимут» адыррала, ареис  Москва-Қарҭ-Москва мҩаҧгахоит есымша,  лаҵара  19 инаркны.