Урыстәылатәи арбџьармчқәа Николаев  иалахысит
Урыстәылатәи арбџьармчқәа Николаев  иалахысит

Урыстәылатәи арбџьармчқәа Николаев  иалахысит. Ари аинформациа аланарҵәеит украинатәи амедиа.

Николаевтәи атәылаҿацәтә аҳәынҭқарратә администрациа анапхгаҩы Витали Ким иҳәамҭала, аракета 5 еихагылак змаз анхарҭатә корпус иақәшәеит, ҩыџьа иҭахеит, даҽа ҩыџьа аахақәа роуит.

Иаха урыстәылатәи арбџьармчқәа  иакымкәа украинатәи ақалақьқәа рҿы аҳаиртә жәылара мҩаҧыргеит.