Урыстылатәи аган аинформациа ала, украинатәи аратә мчқәа аԥырҩы дызмам аппаратқәа рыла Москва аҩнеихагыла ду абомба ақәрыжьын, Урыстәыла Амшын Еиқәа афлот аӷбақәа рықәлара аҽазкра рыман
Урыстылатәи аган аинформациа ала, украинатәи аратә мчқәа аԥырҩы дызмам аппаратқәа рыла Москва аҩнеихагыла ду абомба ақәрыжьын, Урыстәыла Амшын Еиқәа афлот аӷбақәа рықәлара аҽазкра рыман

Украинатәи аратә мчқәа аԥырҩы дызмам аппаратқәа рыла Москва аҩнеихагыла ду абомба ақәрыжьын, Урыстәыла Амшын Еиқәа афлот аӷбақәа рықәлара аҽазкра рыман. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра анформациа ала, атәыла аҳауатә тәылахьчаратә мчқәа Украина атәыз аԥырҩы дызмам аппаратқәа ҩба карыжьит, даҽа аппаратк “Москва сити” ацакыраҿ каҳаит.

Москва ахада Сергеи Собианин иҟаиҵаз аҳәамҭала, акомплекс хыбарк аҿы аԥенџьырқәа ԥҽит.

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра анформациа ала, урыстәылатәи арратә аӷба украинатәи аԥырҩы дызмам хаппаратк ықәнахит.