Урыстәыла Украина арегионқәа рганахьала зымҽхак ҭбаау даҽа жәыларак мҩаԥнагеит
Урыстәыла Украина арегионқәа рганахьала зымҽхак ҭбаау даҽа жәыларак мҩаԥнагеит

Урыстәыла Украина арегионқәа рганахьала зымҽхак ҭбаау даҽа жәыларак мҩаԥнагеит.

Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз ала, Урыстәыла аенергетикатә обиектқәа иақәлеит.

“Аԥхасҭа аиуит ацентртә мраҭашәаратәи арегионқәа рҿы иҟоу аԥхарратә станциақәеи гесқәеи”, – иануп аенергоеилахәыра “Укренерго” аинформаци ааҿы.

Уахынла урыстәылатәи аԥырҩы жызҭам аппаратқәа Украина иақәлеит. Аԥжәраақәа ҟалеит Днепртәи, Хмельницктәи, Ивано-Франкивсктәи арегионқәа рҿы.