Урыстәыла Киев аганахьала имҩаԥнагаз ажәылараан иҭахаз рхыԥхьаӡара 22-ҩык рҟынӡа инаӡеит
Урыстәыла Киев аганахьала имҩаԥнагаз ажәылараан иҭахаз рхыԥхьаӡара 22-ҩык рҟынӡа инаӡеит

Урыстәыла Киеваганахьала имҩаԥнагаз ажәылараан иҭахаз рхыԥхьаӡара 22-ҩык рҟынӡа инаӡеит, еилаҳаз ахыбрақәа рҿы иаанхаз ауаа рацәоуп, ахәрақәа роуит 52-ҩык, – ааицҳаит Киев арратә администрациа анапхгаҩы  Тимур Ткаченко.

Тимур Ткаченко еилаҳаз ахыбрақәа рҿы аиқәырхаратә операциа мҩаԥысуеит.

Киев аганахьала аурысцәа имҩаԥыргаз ажәылараан аԥхасҭа роуит 225 анхарҭа хыбрақәа, ахәыҷ баҳча амашьынақәа, Украина иҟоу Евроеидгыла аофиси Британиа ду ахеилак аофиси, “Арадио ахақәеиҭреи” “Украинская правдеи” рофисқәа.