Урыстәыла ЕАШ ахада Џьо Биден аперсоналтә санкциақәа изышьақәнаргылеит. Амнформациа ианылеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра авебдаҟьа.
“Апрецедент змам асанкциақәа иаҭакны, хәажәкыра 15 инаркны Урыстәыла “стоп-лист” иақәшәеит Џьо Баидени ЕАШ усҳәарҭақәак рнапхгаҩцәа,” – иануп аҳәамҭа аҿы.
Аусҳәарҭа аинформациа ала, “стоп-лист” иалоу ахаҿқәа иреиуоуп ЕАШ аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкен, Атәылахьчара амаӡаныҟәгҩ Лоид Остин, Аҩны шкәакәа апрессмаӡаныҟәгаҩ Џьен Ԥсаки, ЕАШ ацентртә аԥшыхәратә агентра анапхгаҩы Уилиам Беренс, ЕАШ ахада ибжьагаҩ Џьеик Саливан, ЕАШ жәларбжьаратәи аҿиара агентраадиректор Саманта Пауер, ахада Баиден иԥҳа Ҳанҭер Баиден, ЕАШ ԥасатәи аҳәынҭмаӡаныҟәгаҩ Хилари Клинтон, уб.егь.