Урыстәыла иҟоу Америка ацаражәҳәара Америка атәылауаа агәҽанҵара рнаҭоит Москвеи Санкт-Петербурги иҟалар зылшо атеррактқәа ирызкны
Урыстәыла иҟоу Америка ацаражәҳәара Америка атәылауаа агәҽанҵара рнаҭоит Москвеи Санкт-Петербурги иҟалар зылшо атеррактқәа ирызкны

Урыстәыла иҟоу Америка ацаражәҳәара Америка атәылауаа Москвеи Санкт-Петербурги иҟалар зылшо атеррактқәа ирызкны  агәҽанҵара рыҭаны, аевакуациа аплан аиқәыршәара рыбжьаргоит.

Америка адипломатиатә усбарҭа аҳәамҭа ишану ала, ақалақь дуқәа рҿы ахәаахәҭратә центрқәеи, аихамҩақәеи, аметростанциақәеи, ауаа ахьырацәоу егьырҭ аҭыҧқәеи ржәылара ашәарҭара иҟоуп.

Америка ацҳаражәҳәара Америка атәылауаа рахь ааҧхьара ҟанаҵоит Америка аиҳабыра рыцхыраара иақәымгәыҕкәа, аевакуациа аплан еиқәдыршәарц, ауаа ахьырацәоу аҭыҧқәа рахь имнеирц.