Урыстәыла иаха Киев иазымҩаԥнагаз аракетатә жәылараан ҩыџьа ҭахеит, ааҩык ахәрақәа роуит, урҭ иреиуп ҩыџьа ахәыҷқәа.
Украина аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзура аинформациала, аиқәырхаратә усурақәа мҩаԥысуеит Свиатошинсктәи, Соломенсктәи, Швеченкотәи, Днепровсктәи араионқәа рҿы.
Свиатошинсктәи араион аҟны аԥырҩы дызҭам аппарат аԥҽыхақәа аҩнеихагыладу иақәҳан, уи амца ацралеит.
Шевченкотәи араион аҟны аԥырҩы дызҭам аппарат аԥҽыхақәа хәеихагылак змоу анхарҭа ақәҳаит.