Урыстәыла ҕәҕәала Украина иаахеит, ауаа рацәа ахәрақәа роуит. Киеви, Харькови, Запорожиеи аҧжәарақәа рыбжьы гон.
Харьков ажәылараан 14ҩык иреиҵамкәа ахәрақәа роуит. Ракетак аихагыла рацәа змоу акорпус иақәҳаит.
Киев ажәылараан анхарҭаҩнқәа аҧхасҭа ду роуит, Ҭыҧқәак рҿы абылра ҟалеит. хәҩык ахәрақәа роуит.
Запорожие ажәылараан быжьҩык ахәрақәа роуит, уаагьы иакымкәа ахыбрақәа аҧхасҭа роуит.