Урыстәыла ажәылара амшала, Херсон ақалақь аҿы бжьҩык ҭахеит
Урыстәыла ажәылара амшала, Херсон ақалақь аҿы бжьҩык ҭахеит

Урыстәыла ажәылара амшала, Херсон ақалақь аҿы бжьҩык ҭахеит, урҭ дреиуп ахәыҷы, – ааицҳаит Украина Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Игор Клименко.

Клименко иажәақәа рыла, иҭахеит хаҵеи-ԥҳәыси 23 мш зхыҵаз рыхшареи, хаҵаки ақыҭа Широка Балка аҿы, ахәра  цәгьа иоуит 12 шықәса зхыҵуа аҷкәын, ақыҭа Станислав аҿы ҩыџьа ҭахеит, аӡәы ахәрақәа иоуит.