Урыстәыла атәылахьчара аминистрра ишьақәнарӷәӷәеит Чернобылтәи астанциа аурыс аруаа рнапаҿы ишыҟоу

Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аофициалтә хаҭарнак Игор Конашенко шьақәирӷәӷәеит жәабран 24 рзы Чернобылтәи атомтә станциа аурыс аруаа шааныркылаз.

Конашенко иажәақәа рыла, Украинатәи атомтә аелектростанциа зыхьчо абаталион аруаа астанциа аенергоблоки асаркофаги ршәарҭадара рыхьчоит анационалисттә гәыԥқәеи егьырҭ атерористтә аиҿкаарақәеи атомтә провокациақәа мҩаԥырымгарц азы.

Укрина агәыцәтә регулиациақәа рзы агентра аинформациа ала, Чернобылтәи азонаҿ арадиациа аҩаӡара иазҳаит.