Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аинформациа ала, аурыс аруаа Ҟрым аԥырҩы дызмам 20 украинатәи аппаратқәа карыжьит
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аинформациа ала, аурыс аруаа Ҟрым аԥырҩы дызмам 20 украинатәи аппаратқәа карыжьит

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аинформациа ала, аурыс аруаа Ҟрым, “атерорирсттә жәылара аҽазкра” иаҿагылеит.

Аусҳәарҭа аинформациа ала, аурыс аруаа аԥырҩы дызмам 20 украинатәи аппаратқәа карыжьит.

„Иаха киевтәи арежим атерористтә жәылара аҽазкра аман, Ҟрымтәи адгьылбжьахаҿ иҟоу аобиектқәа рхырхарҭала аԥырҩы дызмам 20 аппарат рышьҭит, аха урҭ рҭархара ҳалшеит. Аԥсыҭбарақәа иҟам”,- иануп Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аинформациа аҿы.