Урыстәыла арратә мчқәа Кривои Рог абаллистикатә ракетақәа иаларыжьит, иҭахеит 16-ҩык, урҭ рыбжьара фҩык ахәыҷқәа
Урыстәыла арратә мчқәа Кривои Рог абаллистикатә ракетақәа иаларыжьит, иҭахеит 16-ҩык, урҭ рыбжьара фҩык ахәыҷқәа

Урыстәыла арратә мчқәа Кривои Рог абаллистикатә ракетақәа иаларыжьит, иҭахеит 16-ҩык, урҭ рыбжьара фҩык ахәыҷқәа, 40-ҩык ахәрақәа роуит.

Аофициалтә хаҿқәа ишаарыцҳаз ала, ажәылара анхарҭа ҩнқәа рацәаны ахьыҟоу араион ахырхарҭала мҩаԥган, аҩнеихагыла ду, 30 рҟынӡа амашьынақәа, аҵараиурҭақәа аԥхасҭа роуит.

Ракетак ахәыҷқәа ахьыхәмаруа ашҭаҿ каҳаит.

Украина хада Володимир Зеленски ари ахҭыс дақәҿиҭит, иажәақәа рыла иҭахеит фҩык ахәыҷқәа.

“Урыстәылатәи аракета ақалақь аҿы каҳаит. Ауаа ахьынхо аҵакыраҿ. Заанаҵтәи адыррақәа рыла, ари абаллистикатә жәыларан”, – иҳәеит Зеленски.

Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз ала, аиқәырхаратә операциа нагӡоит, ахәрақә зауз рхыԥхьаӡара иазҳауеит.

Заанаҵтәи адыррақәа рыла, амедицинатә усҳәарҭақәа рахь инагоуп 30-ҩык иреиҳаны.