Урыстәыла анапхгара Москвеи импыҵахалоу Ҟрыми адронқәа рыла ржәылара иазку аинформациа аладырҵәеит
Урыстәыла анапхгара Москвеи импыҵахалоу Ҟрыми адронқәа рыла ржәылара иазку аинформациа аладырҵәеит

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра адыррала, иаха Ҟрым аханы ф-дронк карыжьит.

Адронқәа рықәхра иазкны ааицҳаит Москва ахада Сергеи Собианингьы. Иара иажәақәа рыла,  иаха, урыстәылатәи аҳаирхьчаратә системақәа Москва Истинсктәи араионаҿ адронқәа карыжьит.  Ҧыҭраамҭак ашьҭахь Собианин ишааицҳаз ала, урыстәылатәи аҳҭнықалақь иажәылаз  адрон иқәырхит Раменсктәи араионаҿгьы. Иара убас, Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иаланарҵәаз аинформациа инақәыршәаны, адрон карыжьит Раменсктәи араион аҿгьы.

Урыстәылатәи АИХқәа рдыррақәа рыла, Орловтәи араион адронқәа рыла ажәылара амшала анефҭбаза амца ацралеит.