Урыстәыла, амҵәыжәҩатә ракетақәеи адронқәа-камикаӡеи рыла Украина иажәылеит
Урыстәыла, амҵәыжәҩатә ракетақәеи адронқәа-камикаӡеи рыла Украина иажәылеит

Урыстәыла, амҵәыжәҩатә ракетақәеи адронқәа-камикаӡеи рыла Украина иажәылеит. Украина аҳаирмчқәа рдыррақәа рыла,  Урыстәылантә идәықәҵаз  16  адронқәа рҟынтә 12 иқәырхит. Украина ишырҳәаз ала, урыстәылатәи арбџьармчқәа, бжеиҳарала, Одессатәи атәылаҿацә аладатәи ахәҭа иаахеит.

Украина аҳаирмчқәа иаладырҵәаз аинформациа инақәыршәаны, урыстәылатәи аракетақәа  атәылауаҩратә ақыҭанхамҩатә обиект иақәҳаит.