Атҟәацәа реиҭныҧсахлара абзоурала, Украина, раҧхьаӡа акәны, «Азовсталь» ахьчаҩцәа архынҳәит. Ари атәы аанацҳаит Украина Аҧшыхәратә маҵзура хада.
«Атҟәацәа реиҭныҧсахлра абзоурала, 144ҩык украинатәи ахьаҩцәа аҩныҟа ихынҳәит. Урҭ рҟынтә 95ҩык — «Азовсталь» ахьчаҩцәа роуп, урҭ иреиуп аполк «Азов» иалахәыз 43ҩык аруаа, — иануп адырраҿы.