Украинеи Урыстәылеи атҟәацәа еиҭнырыԥсахит
Украинеи Урыстәылеи атҟәацәа еиҭнырыԥсахит

Украинеи Урыстәылеи 115-115-ҩык атҟәацәа еиҭнырыԥсахит. Атҟәацәа реиҭныԥсахлара  рҿы мҩаԥган.Араԥцәа Еидоу Ремиратқәа

Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аинформациа ала, еиҭнырыԥсахыз аурыс тҟәацәа Курсктәи араион аҟны аанкылан. Уажәы зхы иақәиҭу аруаа зегьы Беларус иҟоуп.

Украина ахада Володимир Зеленски аԥсадгьыл ашҟа ихынҳәыз атҟәацәа зныԥшуа афото алаирҵәеит. Зеленски иажәақәа рыла, ихынҳит аҳәаахьчаҩцәа, амилаҭтә гвардиеи, амшынтә мчқәеи абџьармчқәеи рхаҭарнакцәа.

Араԥцәа Еидоу Ремиратқәа рыбжьаҟазарала аԥсадгьыл ашҟа изынҳәит 1778-ҩык атҟәацәа.