Украинатәи арратә маҵзуҩцәа аҕбала Қырҭтәыла иаҭааит   Agile Spirit 2021 рхы аладырхәырц азыҳәан
Украинатәи арратә маҵзуҩцәа аҕбала Қырҭтәыла иаҭааит   Agile Spirit 2021 рхы аладырхәырц азыҳәан

Украинатәи арратә маҵзуҩцәа аҕбала Қырҭтәыла иаҭааит  амилаҭрацәалатә арратә азыҟаҵарақәа  Agile Spirit 2021 рхы рыладырхәырц азыҳәан.

Атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла,  Украина амшынтә мчқәа рдесанттә аҕба  «Иури Олефиренко»и ахьчаратә катер  «Старобильскии» иахьа шьыжьымҭан Ҧуҭтәи абаҕәаза иҭалеит.

Ҧхынгәы 26 инаркны нанҳәа  6нӡа Қырҭтәыла амилаҭрацәалатә арратә азыҟаҵарақәа  Agile Spirit 2021 мҩаҧысуеит.