Украинатәи АИХқәа ишаарыцҳаз ала, Урыстәыла Киев аганахьала имҩаԥнагаз ажәылараан хҩык ҭахеит, ахыбрақәа аԥхасҭа роуит
Украинатәи АИХқәа ишаарыцҳаз ала, Урыстәыла Киев аганахьала имҩаԥнагаз ажәылараан хҩык ҭахеит, ахыбрақәа аԥхасҭа роуит

Урыстәыла Киев аганахьала имҩаԥнагаз ажәылараан хҩык ҭахеит, урҭ дреиуп ахәыҷы, ахыбрақәа аԥхасҭа роуит. Украинатәи аихқәа ари аарыцҳаит Киев арратә атәылаҽацәтә администрациеи ахадеи рҟынтә ироуз адыррақәа ҵаҵӷәыс аҭаны.

Иҟоу адыррақәа рыла, ажәылараан 20-ҩык ахәрақәа роуит, урҭ иреиуп ахәыҷқәа.

Еилаҳаз ахыбрақәа рҿы аиқәырхаратә операциа мҩаԥысуеит.

Дарницатәи араион аҟны фҭыԥк рҿы аҩнеихагыла дуқәа еилаҳаит. Днепртәи араион аҟны аԥхасҭа роуит 25 еихагыла змоу аҩны, амашьынақәа.

Кие ахадара аинформациала, урыстәылатәи ажәылараан аԥхасҭа роуит Соломенсктәии Шевченкотәи араионқәа.