Украинатәи АИХқәа ишаарыцҳаз ала, уахынла аурысцәа аԥырҩы дызҭам аппаратқәа рыла Сумтәи атәылаҽацәа иажәлеит
Уахынла аурысцәа аԥырҩы дызҭам аппаратқәа рыла Сумтәи атәылаҽацәа иажәлеит, – аарыцҳаит украинатәи АИХқәа. Ажәылара амзызла Ковпаковсктәи араион аҟны амцакра ҟалеит, тәылауаҩы́к ахәрақәа иоуит. Аԥхасҭа роуит ахатә ҩнқәеи аҵараиурҭақәеи.
Ажәылара ҟалеит Украина аҳҭнықалақь аҿгьы. Ақалақь раионқәа рҿы аҩнқәа блит, тәылауаҩык ахәрақәа иоуит.
Уаанӡа аурыс аруаа Запорожие иажәлеит. Ақалақь аинфарструкутра аԥхасҭа аиуит, тәылауаҩык дҭахеит.