Украинатәи аган рдыррақәа рыла, урыстәыла-украинатәи аиҿцәажәарақәа ахҧатәи араунд аан ганқәа рхаҭарнакцәа агуманитартә корридорқәа рлогистика аиҕьтәреи аиҿцәажәарақәа рынагӡареи азы еиқәшаҳаҭхеит
Урыстәыла-украинатәи аиҿцәажәарақәа ахҧатәи араунд хыркәшоуп. Асоциалтә аҳаҿы ари атәы иҩит Украина ахада иофис абжьагаҩ Михаил Подолиак.
Иара иҳәамҭала, аганқәа рхаҭарнакцәа агуманитартә корридорқәа рлогистика аиҕьтәреи аиҿцәажәарақәа рынагӡареи азы еиқәшаҳаҭхеит.
«Урыстәыла-украинатәи аиҿцәажәарақәа ахҧатәи араунд хыркәшоуп. Алҵшәақәак иҟоуп. Аганқәа рхаҭарнакцәа агуманитартә корридорқәа рлогистика аиҕьтәреи аиҿцәажәарақәа рынагӡареи азы еиқәшаҳаҭхеит», — иҩит Подолиак.