Украинатәи аган аинформациала, Урыстәыла Харьков аганала имҩаԥнангаз ажәылараан ԥшьҩык ҭахеит
Украинатәи аган аинформациала, Урыстәыла Харьков аганала имҩаԥнангаз ажәылараан ԥшьҩык ҭахеит, урҭ дреиуп ахәыҷы.
Харьковтәи атәылаҽацәтә администрациа анапхгаҩы Олег Синегубов иҟаиҵаз аҳәамҭала, иҭахаз ахәыҷы шықәсыки бжаки лхыҵуан. Ахәрақәа роуит 17-ҩык, урҭ иреиуп фҩык ахәыҷқәа.
Иҟоу адыррақәа рыла, аилаҳақәа рыҵаҟа ауаа иҟоуп. Аҭыԥ аҿы аус руеит аиқәырхаратә гәыԥқәа.
Синегубов иажәақәа рыла, аԥырҩы дызҭам аппаратк акорпус аахан, аҩнеихагыла абылра алагеит. Аԥхасҭа аиуит фкорпуски 15 машьынақәеи.