Украинатәи адронқәа Аҩадатәи Уаҧстәыла иажәылеит 
Украинатәи адронқәа Аҩадатәи Уаҧстәыла иажәылеит 

Ажьырныҳәа  18 ашырҧазы украинатәи адронқәа Беслан иажәылеит. Дронк аҧҽыхақәа 5 еихагылак змоу анхарҭаҩны ахыб иақәҳаит.

Ари атәы ааицҳаит Аҩадатәи Уаҧстәыла анапхгаҩы  Сергеи Мениаило. Анхарҭатә корпус аҟынтә  70ҩык аевакуациа рызуп.

Иахьа шьыжь инаркны  Владикавкази, Грозни,   Магаси аҳаирбаҕәазақәа рҿы аамҭалатәи аҧкрақәа шьақәыргылоуп.

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла,  иаха Аҩадатәи Уаҧстәыла арегионаҿ ф-дронк иқәырхит. Урыстәылатәи арегионқәа рҿы иаха шаанӡа  63 украинатәи адронқәа индырҵәеит.