Украина ирласу аҧҟарала НАТО алаларазы аҳәара ҟанаҵеит

19:25, 30.09.2022

Украина  ирласу аҧҟарала  НАТО алаларазы аҳәара  ҟанаҵеит. Украина ахада Владимир Зеленски ари атәы иҩит асоциалтә аҳаҿы.

«НАТО ашҟа амҩа де-факто  ҳахысхьеит.  Де-факто  ишьақәҳарҕәҕәеит Алианс астандартқәа ҳашрышьашәалоу.

Ҳара ҳагәра еибааҳгоит, ҳаидгылоуп,  ҳаицхыраауеит. Абри ауп Аҩадаатлантикатәи алианс иаанаго.  Де-факто.

Иахьа Украина аҳәара  ҟанаҵоит абри зегьы,  ирццаку аҧҟарала  де-иуре иҟаларцаз. Ҳара ҳхадаратә шьаҿа ҟаҳҵеит,  НАТО алаларазы аҳәара ҟаҳҵеит», — иҳәеит  Зеленски.

https://www.facebook.com/zelenskiy.official/videos/424718876442118/?t=1

 

Еиԥшу