Украина иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражҳәаҩ Гьаргь Зақарашвили Украина дықәҵит
Украина иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражҳәаҩ Гьаргь Зақарашвили Украина дықәҵит.
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы ари аинформациа шьақәдырҕәҕәеит.
Иацы Гьаргь Зақарашвили ишиҳәаз ала, Украина ахада Владимир Зеленски атәыла ақәҵразы 48 сааҭ аҿҳәара ииҭеит, ари аҿҳәара нҵәон иахьа асааҭ 12:00 рзы.
Ҧхынгәы 3 рзы Украина ахада ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ 48 сааҭ рыҩныҵҟала Украина дықәҵны, Михаил Саакашвили ихақәиҭтәра азҵааразы аконсультациақәа рымҩаҧгаразы Қарҭҟа дхынҳәыроуп. Зеленски ишиҳәаз ала, Урыстәыла, Қырҭтәыла анапхгара рнапала, Украина атәылауаҩ Михаил Саакашвили дыршьыр рҭахуп.