Украина иҭахаз ақырҭуа аибашьҩы Каха Гоголь иҧсыбаҩ Қырҭтәылаҟа иааргеит
Украина иҭахаз ақырҭуа аибашьҩы Каха Гоголь иҧсыбаҩ иаха Қырҭтәылаҟа иааргеит. Қарҭтәи жәларбжьратәи аҳаирбаҕәазаҿы ауаа рацәа еизеит. Уааҵәҟьа иҟан иҭахаз аибашьҩы иуацәагьы.
47 шықәса зхыҵуаз Каха Гоголь Лугансктәи атәылаҿацә аҿы аҳауатә жәылараан дҭахеит. Аҧсы Ԥуҭ анышә дарҭоит.
Украина Урыстәыла арратә агрессиа иалаӡит 17-ҩык ақырҭуа аибашьцәа.