Украина ЕАШ аҟнытә арратә цхыраара актәи ахәҭа аиуит. Ари атәы аанацҳаит Украина иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәара.
“Ахада Баиден Украина ашәарҭадара арӷәӷәаразы ишьақәирӷәӷәаз ацхыраара апакет актәи ахәҭа Киев иҟоуп,” – иануп ацҳаражәҳәара аланарҵәаз аҳәамҭа аҿы.
Украина иҟоу ЕАШ ацҳаражәҳәара аинформациа ала, ЕАШ Украина ар рыцхыраара нарыгӡоит. Абри ала иубарҭоуп Урыстәыла агрессиа афон аҿы, ЕАШ Украина ахыхьчара алшара арӷәӷәара гшаҭаху,” – иазгәаҭоуп аҳәамҭа аҿы.