Украина ЕАШ арратә цхыраара актәи апартиа аиуихьеит, аха ахәҭа хада аԥхын азы роуеит
Украина ЕАШ арратә цхыраара актәи апартиа аиуихьеит, аха ахәҭа хада аԥхын азы роуеит

Украина ЕАШ арратә цхыраара актәи апартиа аиуихьеит, аха ахәҭа хада аԥхын азы роуеит, – аанацҳаит NYT америкатәи ачинҳаракҩы идырра ҵаҵӷәыс аҭаны.

Иҟоу адыррақәа рыла, Украина мшаԥы 28 рзы атанкҭархага ракетақәеи, аминақәеи 155 мм артиллериатә хыршәқәеи аиуит. Ацхыраара аҩбатәи апартиа Украинаҿ мшаԥы 29 рзы иҟан.

Америкатә чинҳаракҩы акьыԥхь ахь ишааицҳаз, ЕАШ ирышьҭыз абџьари аџьаԥҳани Украина аԥхын азы аиуеит, ари амзыз алоџьистикоуп.