Украина ахада Харьков аганахьала аракетатә жәылара арратә ацәгьауроуп ҳәа иԥхьаӡоит

Украина ахада Владимир Путин Харьков аганахьала аракетатә жәылара арратә ацәгьауроуп ҳәа иԥхьаӡоит.

Харьков аракетатә жәылара иахҟьаны еилаҳауп анхарҭа корпусқәа, иҭахеит жәҩык, урҭ иреиуоуп хҩык ахәыҷқәа.

“Ари арратә цәгьоуроуп. Аҭынчратә ақалақь. Ашьҭаларҭатә раион ҭынч. Уа арратә усҳәарҭакгьы иҟамызт. Иҟоу авидеонҵамҭақәа рыла иубарҭоуп ари ауааԥсыра гәҭакылатәи рынрҵәара шакәыз, аурысцәа иахьеихсуаз ибзиаӡаны ирдыруан. Ари ацәгьуразы жәларбжьаратәи атрибунал мҩаԥгахоит,” – иҳәеит Зеленски.