Украина аштаб хада  - Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Украинеи Урыстәылеи рырбџьармчқәа рыбжьара 80 еидыслыра ҟалеит
Украина аштаб хада - Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Украинеи Урыстәылеи рырбџьармчқәа рыбжьара 80 еидыслыра ҟалеит

Украина аштаб хада аинформациала, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Украинеи Урыстәылеи рырбџьармчқәа рыбжьара 80 еидысларак ҟалеит.

Украина аштабхада аҟынтә ишаарыцҳаз, урыстәылатәи ар активра хада аанарԥшит Маринкеи Авдеевкеи рхырхарҭала. Бахмут ахырхарҭала, украинатәи аруаа жәажәыларак рыҿагылара рылшеит. Урыстәылатәи ар активла рхы иадырхәон арратә авиациа.

Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз, украинатәи ар ажәыларатә операциақәа нарыгӡоит Лиман- Купиански рхырхарҭала, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла индырҵәеит 50 танки, 200-ҩык аурыс аруааи.