Украина арратә ҧшыхәра -  Урыстәыла 2 миллионҩык рыла ишьақәгылоу ар аҧҵара рҽазыркит
Украина арратә ҧшыхәра -  Урыстәыла 2 миллионҩык рыла ишьақәгылоу ар аҧҵара рҽазыркит

 

«Урыстәыла 2 миллионҩык рыла ишьақәгылоу ар аҧҵара рҽазыркит, убри азыҳәан амобилизациа мҩаҧыргараны иҟоуп», — иануп Украина Атәылахьчара аминистрра Аҧшыхәратә усбарҭа хада аҳәамҭаҿы.

Украинатәи аҧшыхәра адыррала, амобилизациа аетап ҿыц амҩаҧгаразы урыстәылатәи азакәанҧҵара аҧсахрақәа аларгалоит, иара убас, арратә маҵзурахьы ирго аҿар разыҟаҵаразы  аҵаратә центрқәа аадыртуеит.

«Украина арратә ҧшыхәра адыррала, Урыстәыла анапхгара амобилизациа аетап ҿыц иалагар ҟалап. Аурыс арбџьармчқәа хадырҭәаауеит даҽа  500 нызқьҩык рыла, убри ала, агрессор-тәыла астратегиатә резерв аҧҵаразы алшара аиуеит», — иануп украинатәи арратә ҧшыхәра аинформациаҿы.