Украина арбџьармчқәа ишаарцҳаз, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла  36 ракета ԥыржәеит
Украина арбџьармчқәа ишаарцҳаз, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла 36 ракета ԥыржәеит

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Украина арбџьармчқәа карыжьит 36 ракета. Ари аанацҳаит “Роитер” Украина арбџьармчқәа рҟынтә аинформациа ҵаҵӷәыс аҭаны.

Аракетатә жәылара Киеви, Хмельницкии, Кировогради рхырхарҭала мҩаԥган.

Украина аҳауатә мчқәа рԥыза Микола Олешьук ишааицҳаз, Украина арбџьармчқәа карыжьит 36 ракета.

„Имариамыз мшын, аха ажәҩан ахьчаҩцәа еицҿаку русура иабзоураны, ҳара ажәылара аҿагылара ҳалшеит! Шәыззегьы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит!”  – ааицҳаит Олешьук.