Украина Аенергетика аминистрра  - Украина, Евроеидгылаҟны ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭра амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны,   Словакиаҟны анефҭ атранзит азҵаара аӡбара иазыхиоуп  
Украина Аенергетика аминистрра  - Украина, Евроеидгылаҟны ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭра амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны,   Словакиаҟны анефҭ атранзит азҵаара аӡбара иазыхиоуп  

«Украина, Евроеидгылаҟны ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭра амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны,   Словакиаҟны анефҭ атранзит азҵаара аӡбара иазыхиоуп», — иҳәеит Украина аенергетика аминистр ихаҭыҧуаҩ  Роман Андарак.

Ари атәы иануп  Reuters аҿы.

Иара иажәақәа рыла, Украина, авторизациа змам аилахәырақәа рзы ҧырхагада анефҭ атранзит еиқәнаршәоит.

«Словакиатәи аган Ассоциаициа иазку аиқәшаҳаҭрала иазҧхьагәаҭоу иашьашәалоу амеханизм аус адырур, украинатәи аган апроблематә зҵаарақәа зегьы рыӡбара иазыхмоуп, аха, словакиатәи аган ари аҳәара макьана инарымгӡацт», — иануп аминистр ихаҭыҧуаҩ аҩырлаа иҟаиҵаз аилкаарақәа рҿы.

Словакиеи Венгриеи, Украина аҵакырадгьыл ала,  аилахәыра  «Лукоил» ала урыстәылатәи анефҭ атранзит аиҭашьақәыргылара иаҳәоит. Ҳазну амзазы Украина  «Лукоил» асанкциақәа азышьақәнаргылан, анефҭ атранзит иаҟәыҵит.