Украина адәныҟатәи аԥшыхәра адыррақәа рыла, Владимир Путин игәамбзиара амзызла, Урыстәыла амчра аҭара апроцесс алагеит
Украина адәныҟатәи аԥшыхәра адыррақәа рыла, Владимир Путин игәамбзиара амзызла, Урыстәыла амчра аҭара апроцесс алагеит. Украина аԥшыхәра маҵзура азанааҭтә амш инамаданы, актәи аинформациатә биуллетен «Ашәҟәы шкәакәа» ҭнажьит.
Адокумент ахҵәа иреиуоуп „Урыстәылаҟынтә иаауа ашәарҭақәа» ҳәа хьӡыс иамоу ахы. Уа ишану ала, Урыстәыла ахада игәамбзиара иаҳа-иаҳа иубарҭоуп ҳәа, убри аҟынтә уи атәыла анапхгараҭара ицәыуадаҩуп.
Адокумент аҿы ишану ала, Урыстәыла амчра аҭара иконкрету авариант иахәамԥшыкәа, Урыстәыла Путин инапхгараҭара амодель аанхоит.