2023 шықәса ҧхынҷкәын 1 инаркны Қәҭешьтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿ аҳаипланқәа рхыҧхьаӡара ацлоит ҧшьба рҟнынӡа.
Иацырҵо аҧшьбатәи аҳаирплан AIRBUS 321neo ала мчыбжьыкахь ҩынтә Қәҭешьи Копенгагени рыбжьара ишиашо ареисқәа мҩаҧгахоит. Иахьа уажәраанӡа Қырҭтәылеи Даниеи рыбжьара ишиашо ареисқәа иҟамызт.
Қырҭтәылантә Европаҟа ишиашоу авиареисқәа реиҳара Қәҭешьынтә имҩаҧысуеит. 2023 шықәса рашәара 1 инаркны авиаеилахәыра WizzAir Қәҭешьынтә Мадриди, Бриуссели, Франкфурти, Гамбурги, Познани ахырхарҭала ареисқәа рымҩаҧгара иалагоит. 2023 шықәса анҵәамҭанӡа Қәҭешьтәи аҳаирбаҕәазантә Европа ахырхарҭала ареисқәа рхыҧхьаӡара ацлоит 30 рҟнынӡа.