Уефа – Шәамахьтәылеи Азербаиџьани еихәмаруеит
Уефа – Шәамахьтәылеи Азербаиџьани еихәмаруеит

Шәамахьтәылеи Азербаиџьани рклубқәеи реизгақәеи рыбжьара Уефа аегидала аматчқәа еиҭах мҩаԥгахоит, – абри  еиԥш аӡбара рыдыркылеит Уефа анагӡаратә  комитет еилатәара аҿы.

Абҵара 9 рзы ирыбжьарҵаз еиқәшаҳаҭра ахшыҩ азышьҭны, Уефа аегидала аматчқәа  мҩаԥгахароуп ҳәа ргәы иаанагоит,» – аанацҳаит Шәамахьтәыла ашьапылампыл азы афедерациа апрессмаҵзура.