Уефа ахада аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе Германтәыла, Европа 2024 ачемпионат ахь дааиԥхьеит
Уефа ахада аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе Германтәыла, Европа 2024 ачемпионат ахь дааиԥхьеит

Уефа ахада Александр Чаферин Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе Германтәыла, Европа 2024 ачемпионат ахь дааиԥхьеит, – аарыцҳаит аиҳабыра радминистрациа аҟынтә.

Аофициалтә ҳәамҭаҿ ишану ала, ачемпионат рашара 14 инаркны ԥхынгәы 14-на 10 қалақьк рҟны мҩаԥгахоит.

„Ҳаҭыр зқәу аҧыза-министр, УЕФА авип-программа аҳәаақәа ирҭагӡаны, УЕФА ахьӡала, ЕВРО 2024 ачемпионат ашҟа шәааҧхьара алшара ахьсымоу сеигәырҕьоит. Ахацәа рыгәҭа Европа 17-тәи ачемпион-гәыҧ аазырҧшуа атурнир мҩаҧгахоит рашәара 14 инаркны ҧхынгәы 14-нӡа, 10 қалақьк рҿы. Европа зегьы аҟынтә ашьапылампыл абзиабаҩцәа ари атурнираҿ еизоит. УЕФА европатәи атурнир еснагь абжьааҧнытә чемпионат аасҭа иаҳа аҵакы амоуп – уи зкласс ҳараку агәыҧтә ахәмарреи ашьапылампыл иамоу аидкыларатә мчы аныҳәеи ауп. Қырҭтәыла имҩаҧнаго аматч аҿы шәыҟазаара ибзиаӡаны аанарҧшуеит абарҭ апринцпқәа рызгәыкра, уаҟа шәыҟазаара афакт даҽазнык ишьақәнарҕәҕәоит ҳара ари атурнир адевиз – „Акзаара ашьапылампыл аҿы. Акзаара Европа агәҭаны” – агәра шаҳго. Германтәыла шәыдкылара алшара ҳахыццакуеит. Аҭоурыхтә ҵакы змоу ахҭыс еицаабап ҳәа сгәыҕуеит“, – иануп ааԥхьаратә шәҟәы аҟны.