ВВС аинформациа ала, аурысцәа Херсонтәи аокруг адыркит
ВВС аинформациа ала, аурысцәа Херсонтәи аокруг адыркит

Аурысцәа Херсонтәи аокруг адыркит, –  ааицҳаит “Херсонтәи” аокруг арратә-тәылауаҩратә администрациа анапхгаҩы Кирилл Стремоусрв.

“Ашәрҭадаразы аокруг аркуп. Украинатәи аибашьцәа ахысрақәа иахьааҟәымҵуа аҟынтә, Миколаевтәи Днепропетровсктәи арегионқәа рҟынтә аҳәаа ахысра ишәарҭоуп”,- иҳәеит Стремоусов.

Администрациа анапхгаҩы иажәақәа рыла, аурыс аруаа изхылаԥшуа Ҟрыми Запорожиетәи арегион ахәҭәақәа рахь аиасра ҟалоит, уантә иҟалоит иахзаҵам Донбас “Жәлар рреспубликахь” аиасра.