Володимир Зеленскии  Шарль Мишели ҭелла еицәажәеит
Володимир Зеленскии  Шарль Мишели ҭелла еицәажәеит

Украина ахада Володимир Зеленскии Европатәи ахеилак ахада Шарль Мишели ҭелла еицәажәеит.

Украина ахада Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак аинформациа наӡа ииҭеит аракетатә аахарақәа ирхылҵыз арыцҳара ду иазкны.

Иара убас, алидерцәа инарҭбааны иалацәажәеит агәылара иҟоу атәылақәа украинатәи ақыҭанхамҩатә аалыҵ аекспорт азы ишьақәдыргылаз ақәиҭымтәра.

Зеленски ишиҳәаз ала, иара ари аӡбара даргәамҵуеит, уи Евроеидгыла иашьас иамоу аиқәшаҳаҭрақәеи Ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭреи аилагароуп.

Украина ахада иадминистрациаҿы ишырҳәаз ала, Зеленски Шарль Мишель диҳәеит  Евроеидгыла азакәанҧҵареи аганқәа зегьы ринтересқәеи иазҧхьагәаҭаны, ари азҵаара ӡбашьак арҭарц.