Володимир Зеленски ишааицҳаз ала, Украина аибашьра иазыхиоу атәымуаа рзы жәларбжьааратәи алегион еиҿикаауеит
Володимир Зеленски ишааицҳаз ала, Украина аибашьра иазыхиоу атәымуаа рзы жәларбжьааратәи алегион еиҿикаауеит

Володимир Зеленски ишааицҳаз ала, Украинаҿ украинаа ирыдгыланы аибашьра иазыхиоу атәымуаа рзы Жәларбжьааратәи легион еиҿикаауеит.

  «Аурыс ампыҵахалаҩцәа ирҿагылар зҭаху, адунеитә шәарҭадара ахьчара иазҿлымҳау  атәымуаа зегьы ирыдаагалоит Украина иааны аибашьра рҽаладырхәырц. Атәымуаа рзы алегион ҷыда еиҿаҳкаауеит  — Украина аҵакырадгьыл ахьчараз Жәларбжьаратәи алегион. Уи ала шәышҳадгыло шьақәшәырҕәҕәар шәылшоит», — иҳәеит  Зеленски.