Володимир Зеленски -Урыстәыла Киев иазымҩаԥнагаз ажәылараан иҭахеит ааҩык, урҭ иреиуп ахәыҷқәа
Украина ахада Володимир Зеленски ишааицҳаз ала, Урыстәыла Киев иазымҩаԥнагаз ажәылараан иҭахеит ааҩык, урҭ иреиуп ахәыҷқәа.
Украина ахада Китаи Венгриеи рахь ааԥхьара ҟаиҵеит ажәылара иақәҿырҭырц.
Володимир Зеленски иажәақәа рыла, Урыстәыла Киев аганахьала иаха имҩаԥнагаз зымҽхак ҭбаау ажәылара адипломатиеи ахымца аанкылареи ирызкны иҟаҵоу аҳәарақәа ирҭакуп.
“Урыстәыла аиҿцәажәарақәа реиԥш акәымкәа, абаллистика алнахуеит. Аибашьра ахыркәшара акәымкәа, ауаҩшьра анагӡара алнахуеит. Ахәыҷқәа ршьра ажәабжь аншәаҳәауа, иаҳа иӷәӷәоу аемоциақәа шәызцәырҵроуп. Аҭынчра иахцәажәоз аганқәа зегьы рҟынтә ақәҿыҭра ҳазыԥшуп, аха апринциптә позициа раанкылара ацынхәрас, уажәы урҭ аҿымҭра алырхит”, – иҳәеит Зеленски.
Киев ахада Витали Кличко ишааицҳаз ала, Киев ажәылараан ахәрақәа роуит 38-ҩык, урҭ рҟынтә 30-ҩык ахәшәтәырҭахь инагоуп.