Володимир Зеленски ишааицҳаз ала, ашәарҭадаратә гарантиақәа рпроект арҭ амшқәа рзы ихиазаауеит
Володимир Зеленски ишааицҳаз ала, ашәарҭадаратә гарантиақәа рпроект арҭ амшқәа рзы ихиазаауеит

Украина ахада Володимир Зеленски ишааицҳаз ала, ашәарҭадаратә гарантиақәа рпроект арҭ амшқәа рзы ихиазаауеит. Ари атәы Зеленско Нидерланды аԥыза-министр ҭелла даниацәажәа ашьҭахь асоциалтә ҳаҿы ааицҳаит.

Зеленски иажәақәа рыла, иреалу аҭынчра шьақәыргыларц азы, Украина аконструктивтә шьақәақә рыҟаҵаразы ихиоуп.

“Апартниорцәа адипломатиатә усзуреи Вашингтон имҩаԥгаз аиԥылареи ҳрыхцәажәоит. Ари аибашьра ахыркәшаразы иреалу ашанс ҳамоуп. Украина аконструктивтә шьақәақә рыҟаҵаразы ихиоуп. Аха Урыстәыла аҭынчра аҭахуп ҳәа иубарҭам, уи ақалақьқәа абомбақәа рыларыжьра нанагӡоит. Украинеи ЕАШ-и, европатәи апартниорцәа ргәыԥқәеи рхатә архитектура аус адырулоит. Арҭ амшқәа рзы апланқәа зегьы ихиазаауеит“, – иҩит Зеленски.