Володимир Зеленски - Иахьа иҳаҳаз абри ауп - ашәарҭадаратә ҭагылазаашьа алшара анҳанаҭо усҟан Нато аҟынтә ааԥхьара ҳауеит
Иахьа иҳаҳаз абри ауп – ашәарҭадаратә ҭагылазаашьа алшара анҳанаҭо усҟан Нато аҟынтә ааԥхьара ҳауеит, – иҳәеит Украина ахада Володимир Зеленски Вильниус имҩаԥгаз Нато асаммит аҩбатәи аҽны ажурналистцәа данрацәажәоз.
Зеленски иажәақәа рыла, европатәи алидерцәа драцәажәоит, Нато ахь амҩаҿ Украина ашәарҭадаратә гарантиақәа дырзықәԥоит.
„Иахьа амш аусхәаԥштә аҿы априоритет змоу хзҵаарак ҳамоуп. Актәи – бџьарла аибыҭара апакет ҿыц. Аҩбатәи – Украина Нато ахь ааԥхьара, аха иахьа иҳаҳаз абри ауп – ашәарҭадаратә ҭагылазаашьа алшара анҳанаҭо усҟан Нато аҟынтә ааԥхьара ҳауеит а. Ар азаараа срыхцажар сахуп. Нато ахь амҩаҿ Украина ашәарҭадаратә гарантиақәа сырзықәԥоит “, – иеит Зеленски.